Арадио

Ҳагба: Шьамтәыла ҩадатәи ахәҭакны ирацәахеит аичырчаратә формақәа

Шьамтәыла ҩадатәи ахәҭакны имҩаԥысуа ахҭысқәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа рзыҟаиҵеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Ҳагба: Шьамтәыла ҩадатәи ахәҭакны ирацәахеит аичырчаратә формақәа

"Ҭырқәтәыла имҩаԥырго аоперациа, Шьамтәыла ҩадатәи ахәҭа ҳәа иахьашьҭоу аҿы ирацәаны аичырчаратә формақәа рҽаладырхәит. Ҭырқәтәыла аԥыза-министр иҳәон, иара аоперациа анрылаиҳәоз Аҩадатәи Америка аштат иалаз иргәаԥхаӡомызт, ақәыӷәӷәара ҟарҵон, уимоу "економикала Ҭырқәтәыла ҳацҟьоит, уи шәаҟәымҵыр" ҳәа, убас ақәыӷәгәарақәа рацәаны иҟаиҵеит Дональд Трамп. Аиҭанеиаара аформақәа ахьыҟоу аԥсахрақәа рацәаны иҟалеит", – азгәеиҭеит Ҳагба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: