АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль- Абиад рымпыҵархалеит ҳәа аанацҳауеит Anadolu.
Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.
Иара убасгьы рнапаҿы иҟоуп ақалақь Рас ель-Аин. Акурд маҵзура Firat адыррала "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) Рас ель-Аине аҿы ржәылараан иҭахеит 75-ҩык аҭырқә солдаҭцәа.
#Минобороны Турции: установлен #контроль над трассой М-4 в Сирии https://t.co/s3Q80KuLsz pic.twitter.com/7wUf9Yvkhr
— ANADOLU AGENCY (RU) (@aa_russian) 13 октября 2019 г.
Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" рықәгара.
Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.
Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.