Арадио

Марыхәԥҳа еиҭалҳәеит сынтәа ашәҵатәаҟны адизаинерцәа аԥыжәара зырҭо

Амода иацклаԥшуа рзы ҭагалани аӡыни рзы адизаинерцәа ашәҵатәаҟны иаҳа аԥыжәара зыҭатәу ҳәа абжьгарақәас иҟарҵо арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит амоделиер Мрамза Марыхәԥҳа.
Sputnik
Марыхәԥҳа еиҭалҳәеит сынтәа ашәҵатәаҟны адизаинерцәа аԥыжәара зырҭо

"Атенденциақәа ртәы ҳҳәозар, ҭагалани аӡыни ашәҵатәқәа рҟны ажәытә ахь ихьаԥшуеит. Иаҳҳәап, ҳандуцәа, ҳанацәа иныҟәыргоз ашәҵатәы аӡахышьақәа иреиԥшуп, аха излыху аба даҽакуп, иаҳа иласуп. Иактуалхоит атвид, аласа иалху аба, апринтқәа ртәы ҳҳәозар, ԥшькәақьҭакны иҟоу асахьақәа. Уи актуалра аҵоуп акостиумқәа, аҵкқәа, аиқәақәа, апалтақәа рҟны. Аԥшшәқәа ракәзар, аԥхынтәи аӡын ахь ииаргеит сҳәар сылшоит, урҭ уажәы ԥышәарак аҳасабала ицәырыргоит еиуеиԥшым адизаинерцәа.

Амода, астиль иахьа аподиум аҟны ицәырырго амаҭәа ҳаԥсҭазаарахь аиагара уадаҩзаргьы џьоукы ацклаԥшуеит. Уи шаҟа иунаало, уԥсҭазаашьа иақәшәо, иузныҟәго, хымԥада, уара уоуп изыӡбо", - лҳәеит Марыхәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.