Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа неигӡалоит Кан Кәарҷиа

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа имаҵураҟынтәи ихиақәиҭтәразы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Жьҭаарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны анапхгаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Кәарҷиа Кан Валери-иҧа".

Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Кәарҷиа Кан Валери-иҧа диит 1974 шықәса ԥхынгәы 1 азы, Тҟәарчал ақалақь аҿы. 1991 шықәса рзы далгеитаҟәатәи ашкол № 10, дҭалеит ААУ, аҭоурых-зиндырратә факультет.

2007 - 2011 шш.– Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутат.

2012 - 2017 шш. – Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент адепутат.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден ианашьоуп. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.