АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада икандидатура шьақәдырӷәӷәароуп Ақалақьтә еилазаара алахәылацәа ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь аизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.
"Ақалақьтә еизара аӡбра ашьҭахь аҳҭнықалақь ахада даиуеит, уаанӡа ақалақь ахада инапынҵақәа нарыгӡоит", - иҳәеит иара.
Аизара, атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбра уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәымшаҳаҭхо азы.
Аизарахь инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.
Аизара азин амоуп Ахада игәрамгараз, нас уи азҵаара атәыла Ахада идгалараз. Агәрамгараз аӡбра рыдыркылоит Аизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 2́/3 бжьы ала. Абри аан атәыла Ахада азин имоуп асеиԥш иҟоу аӡбра дақәшаҳаҭымхарц. Шықәсык аҩныҵҟа агәрамгаратә вотум аҽазнык иаарԥшызар, атәыла Ахада азин имоуп Ахада ԥхьатәара ишьҭра мамзаргьы Жәлар Реизара аушьҭра.
Ақалақь ахадас далырхуеит Аԥсны атәылауаҩ, қәрала 30 шықәса инеихьоу, хәышықәса иреиҵамкәа аџьа шықәса змоу.
Адгәыр Ҳаразиа Аҟәа ақалақь ахадас дҟаҵан хәышықәса раԥхьа.
Жьҭаарамза 21 рзы Адгәыр Ҳаразиа инапынҵақәа рынагӡара шышьҭеиҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит абрифинг аҟны. Иара убри амш азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны анапхгаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Кәарҷиа Кан Валери-иҧа".