Ахашаҽны Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит

Астанциа маҷ "Бзыбь" аҿы аусурақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Аремонт азыҟаҵахоит амацәыс зысыз атрансформатор.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭа (Ешба имҩа, Араион ҿыц, амассив Гәымсҭа, Ачадара, Алада Ешыра), Гәдоуҭа араион, Афон Ҿыц, Пицунда ахашаҽны, жьҭаара 23 асааҭ 07:30 - 18:00 рзы фымцалашарада иаанхоит. Абри атәы Facebook аҟны адырра ҟанаҵеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аремонттә усурақәа мҩаԥгахоит астанциа маҷ "Сухум 220" аҿы. Убри инадҳәаланы русура аанкылахоит ПС Гәдоуҭа, ПС Гәдоуҭа 110, ПС Дәрыԥшь, ПС Лыхны, ПС Афон ҿыц, ПС Мцара, ПС Мысра, ПС Пицунда.

"Сухум 220" аҟны аусурақәа мҩаԥгахоит астанциа маҷ "Бзыбь 220" афымца азынашьҭразы атрансформатор "АТ-2" аҿы арегламенттә ремонтқәа цонаҵы.

Астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҟны 60 мегаватт иҟоу атрансформатор "АТ-2" ырцәан ашәахьа, жьҭаара 7 рзы. Авариа аҟалара мзызны иаиуит афымцацәаҳәа "Ԥсоу – 220 кВ" амацәыс аахара. Авариа иахҟьаны Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит.