Ахәыҷтәы "Нарҭ" ашьапылампылтә турнир Hopes Cup Sochi 2019 аҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит

Атурнир Hopes Cup Sochi 2019 мҩаԥысуан Шәача, жьҭаара 15-21 рзы. Атурнир иалахәын Аԥснытәи акомандагь.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәыҷтәы "Нарҭ" ашьапылампылтә турнир Hopes Cup Sochi 2019 аҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз акоманда азыҟаҵаҩ Баҭал Бараҭелиа.

Аҟәатәи "Нарҭ" 2:0 ҳәа иаԥнагеит Ростов ақалақь ашкол №6. Ампылқәа ҭадыршәит Еснаҭ Бигәааи Леон Аргәыни. Иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа дыԥхьаӡан Никита Лашәриа.

"Ҳкоманда зынӡа ф-хәмаррак мҩаԥнагеит, афиналбжаҿы Хасавиурттәи акоманда "Победа" иаҵахеит", - еиҭеиҳәеит иара.

Атурнир Hopes Cup Sochi 2019 иалахәын акомандақәа ааба.