Амашьынақәа Аԥснынтәи ралагалараан аилагарақәа азгәарҭеит Шәачатәи аҳазалхыҩцәа

Автомашьынақәа аҳазалхратә ҭаҩра рзуразы иԥаршеиу адокументқәа рхархәара ҩышықәса рҟынӡа аҭакра ма ахараԥсахь укылыргоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Амашьынақәа Аԥснынтәи ралагалараан аилагарақәа азгәарҭеит Шәачатәи аҳазалхыҩцәа. Ихацыркын ашьаусқәа ҩба ҳәа аанацҳауеит аҳазалхыҩцәа рыпресс-маҵзура.

Ԥсоу аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит

Аҳазалхра аоператив-ԥшааратә ҟәша аинформациала сынтәатәи ашықәс азы имҩаԥган 13 гәаҭара, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амашьынақәа алазгалоз ахаҿқәа рганахьала. Агәаҭараан иаарԥшын аилагарақәа, адокумент ԥаршеиқәа рхархәара.

Агәаҭараан 13 транспорт хархәага ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырадгьыл ахь закәаншьаҭада иалагалан ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Агәаҭаратә уснагӡатәқәа реихшьаалала 15 миллион мааҭ рҟынӡа аҳазалхратә шәарақәа абиуџьет иахыԥхьаӡалан, Урыстәылатәи Афедерациа Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 194 инақәыршәаны ҩ-шьауск хацыркын", - рҳәеит Шәачатәи аҳазалхырҭаҿы.