Истандарттәым аномертә дыргақәа Аԥсны рхархәара уажәшьҭарнахыс иалшоит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит "Автотранспорттә хархәагақәеи урҭ рыцраҳәақәеи рҳәынҭқарратә ҭаҩратә дыргақәа рахь атехникатә ҭахрақәа" рзы ақәҵара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахархәара зырҭо иапониатәи автомашьынақәа уажәшьҭарнахыс ироур алшоит аҳәынҭқарратә номертә дыргақәа, рытранспорт арамка аформақәа ирықәшәартә еиԥш.

Ақәҵара апроект ӡыригеит Аԥсны ААР аминистр Гарри Аршба.

"Иахьа ҳара ҳҿы ирацәахеит Иапониа иҭрыжьыз автомашьынақәа. Ирацәоуп урҭ рҟны истандартны ҳхы иаҳархәо аномертә дыргақәа анузақәмыргыло. Уажәы ҳара иҷыдоу аномерқәа алаагалоит хышәа-ҵышәала урҭ амашьынақәа ирықәургылар ауртә еиԥш", - иҳәеит Аршба.

Ақәҵара хылаԥшра азнаулароуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: