АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Владимир Путин Реџьеп Таип Ердогани иареи реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит Москвеи Анкареи Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭаҿы аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа аганахьала иакымкәа-ҩбамкәа аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит ҳәа.
Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа алахьынҵа рыӡбартә иҟоуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла ахада.
"Иҳадаҳкылаз аиқәшаҳаҭрақәа ирылдыршоит Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҿы иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара", - иҳәеит Путин.
Аганқәа рнапы аҵарҩит атәылақәа рыдәныҟатә усқәа рминистрцәа Сергеи Лаврови Мевлиут Чавушоӷлуи ҩ-бызшәак рыла изыԥхьаз амеморандум. Москвеи Анкареи еиқәшаҳаҭхеит аҭырқәа операциа иаҵанамкуа азонаҿ ахаша инаркны урыстәылатәи арратә полициеи шьамтәылатәи аруааи неиуеит ҳәа. Дара ацхыраара рырҭоит акурд еиҿкаарақәа рылҵраан.
150 сааҭ рышьҭахь Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рымчрақәа аҳәаа инацәхыкны жәа-километрак иахьаҵанакуа иҷаԥшьалоит.
Амеморандум инақәыршәаны акурд еиҿкаарақәа Манбиџи Телль-Рифати ирылгахоит.
Урыстәыла ахада иҳәеит Ердоган инарҭбааны ишиеилиркааз арратә операциа ахықәкы, Анкара ибзианы ишеилнакаауа Москва Шьамтәыла аҵакырадгьылтә акзаара азнеишьа.
Амеморандум иазԥхьагәанаҭоит Москвеи Анкареи атеррористцәа аҳәаа рахысра алмыршара рыҽшазыршәо, ахҵәацәа ԥымкрада рыхынҳәрагьы ишацхраало.
Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарреи" рықәгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара убри амш аҽны аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль-Абиад рымпыҵархалеит. Уи адагьы, Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.
Иара убасгьы амҽышазы рнапахьы иааргеит ақалақь Рас ель-Аин.
Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.