Ердоган: арратә операциа Шьамтәыла акзаара еиқәнархоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла ахада Реџьеб Таиип Ердоган
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеб Таиип Ердоган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердогани Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭелла реицәажәараан Шьамтәыла аҭагылазаашьа иазааҭгылеит. Аицәажәара мҩаԥысит аҭырқәа ган аԥшьгарала жьҭаара 15 рзы.

АҞӘА, жьҭаара16 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган Владимир Путин иеиҳәеит арратә операциа "Источник мира" Шьамтәыла аҵакырадгьылтә акзааразы ихәарҭоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҭырқәтәыла ахада Урыстәыла ахада иеилиркааит аоперациа "Источник мира" атерроризм аҿагылара адагьы, Шьамтәыла акзаара аиқәырхара иазырхоуп ҳәа", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Абри азҵаара адагьы, Ҭырқәтәыла ахадеи Владимир Путини алацәажәеит шьамтәылатәи ақалақь Манбиџ ахылаԥшра шьамтәылатәи аиҳабыра арратә мчрақәа ирыҭазар шалшо атәы.

Ҭырқәтәыла ахада иажәақәа рыла, Манбиџ инхо ауааԥсыра рҟынтәи 85-90% арабцәеи акурдцәеи роуп.

Ситуация на границе Турции и Сирии - Sputnik Аҧсны
Шьамтәыла аҭырқәа ар ақалақь Телль- Абиад рымпыҵархалеит

Урыстәыла ахада ҭелла аицәажәара хыркәшо, Ҭырқәтәыла ахада Урыстәылаҟа ааԥхьара ииҭеит.

Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарреи" рықәгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри амш аҽны аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль-Абиад рымпыҵархалеит. Уи адагьы, Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.

Иара убасгьы амҽышазы рнапахьы иааргеит ақалақь Рас ель-Аин.

Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.

Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0