АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Тҟәарчал ичмазқәоуи ҭынха дызмами алақәа рышьра иаҟәыҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Тҟәарчал ЖКХ ахада Резо Гоԥиа.
Иара иажәақәа рыла, Анхамҩа-коммуналтә нхамҩа аиҳабыра абри ауснагӡатә иахырҟьаны ҩ-мцакы ирыбжьахеит: ганкахьала ақалақьуаа аҳәара ҟарҵеит ашәарҭара аазырԥшуа алақәа рышьра мҩаԥгазарц, даҽа ганкахьала ари иаҿагыло ауаа ҟалеит, урҭ асоциалтә ҳақәа рҟны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргеит.
"Алақәа рышьра шәаҟәымҵыр ҟалом ҳәа уаҩы даҳзымааит, аха асоциалтә ҳақәа рҟны ҳара ҳацәгьоуцәахеит. Иахьаҵәҟьа адырра сырҭеит ахәыҷбаҳча ааигәара алақәа рацәаны ишеишьҭаз аабеит ҳәа. Ауаа имшәа-имырҳа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь ирызнагом. Ҳара уи аҭакс алақәа рышьра ҳаҟәыҵит ҳәа раҳҳәеит", - иҳәеит иара.
Уаанӡа Sputnik Аԥсны аԥхьаҩ аредакциахь иааишьҭит Тҟәарчалынтәи авидео. Аԥхьаҩ иинформациала алақәа ршьуеит ҽынлагьы, хәыҷи-дуи ишырбо.
Уи аԥхьа иҟоу аҭагылазаашьа Sputnik Аԥсны аҟны ахҳәаа алҭахьан араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла ари ауснагӡатә ақалақь ауааԥсыра рыҳәарала имҩаԥыргоит. Урҭ араион ахадарахь арзаҳал нарышьҭит, алақәа рыхьчарц азы.
Чачхалиаԥҳа илҳәеит ала чымазцәеи ҭынха дызмам алақәеи рбаразы ма рыхәышәтәразы араион ахадара алшара амам ҳәа.
Тҟәарчал ЖКХ аиҳабы Резо Гоԥиа иазгәеиҭеит иршьуа алаапкқәеи ашәарҭара аазырԥшуа алақәеи роуп ҳәа.