Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит

Аҩадатәи Ешыра ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 15:23 рзы аԥшьаша, жьҭаара 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуа атрасса хадаҟны автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит.

Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа излеиҳәо ала, амҩатә машәыр аҟны хҩык ааха роуит, урҭ ацхыраара ласы амашьынала иргеит.

Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит
"Амҩатә машәыр ҟалеит Аҩадатәи Ешыра иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа апост аҟынӡа унаӡаанӡа. Аҭыԥ ахь инеит АҶА иаҵанакуа х-машьынак: абылраҽацәыхьчаратә машьына, ҳмедицинатә усбарҭа ацхыраара ласы амашьына, аиқәырхаратә машьына", - иҳәеит Гындиа.

Ааха зауз ахәышәтәырҭа иҭарҵеит.