Арадио

Гәниаԥҳа: аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит

Аполиомиелит чымазара хказы Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иабанӡашәарҭоу иара уи аҿкы ауаҩы изы? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит аҳақьым-апедиатр, Агәабзиарахьчара аминистрра аиммунизациазы аспециалист хада Есма Гәниаԥҳа.
Sputnik

Жьҭараа 24 адунеи аҿы иазгәарҭоит аполиомиелит иаҿагыланы ақәԥаразы Жәларбжьаратәи амш.

Гәниаԥҳа: аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит

"Аполиомиелит зыхьуа ахәыҷқәа уажәы иаҳԥылаӡом. Хәышықәса рыҩнуҵҟа ари ачымазара Аԥсны ицәырымҵыцт. Аха ҳтәыла иаԥну аҳәынҭқаррақәа рҿы ачымазара аларҵәара анаиуа ыҟоуп, убри аҟнытә Аԥсныҟа ииасыр алшоит. Ачымазара аҽацәыхьчаразы иҟоуп алаҵақәа. Аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит. Раԥхьаӡа акәны ахәыҷы изыҟаҵатәуп ҩымз анихыҵуа аамҭазы. Анаҩс хымз, ԥшьымз рзы. Аревакцинанциа ҟарҵоит шықәсыки фымзи анихыҵуа аамҭазы. Атәылаҿы ачымазаразы аҭагылазаашьа цәгьазар, адуцәагьы иҟарҵар ауеит", - ҳәа азгәалҭеит Гәниаԥҳа.

Аҳақьым илҳәеит ҳаамҭазы алаҵа мап ацәызкуа шмаҷым. Аха ауааԥсыра еилкааны ирымазароуп, усҟан дара ари ачымазара ишацәыхьчам ҳәа азгәалҭеит Гәниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.