"Есышықәса аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иалаҳгалоз аиҳа ҩынтә еиҳаны иалаҳгалеит сынтәа, уи ҩ-миллионк мааҭ инареиҳаны иартәоит. Ари аҳәынҭқарратә пансианатуп, иаанаго аҟәрышь зегьы аҳәынҭқарра иалаҳҵоит, аха нас иҳарҭоит зда ԥсыхәа ыҟам аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Иҟоуп есышықәса маҷ-маҷ иҟаҵатәу, аха иҟоуп инарҭбааны аус зыдуалатәугьы: аҩнеихасақәа шьҭа ибжьысуа иалагеит, дара ҿыц иҟаҵатәуп. Ақалақь аҿы иургылаз акыраамҭа иузхозар, ара ирлас ибжьысуеит. Асезон аламҭалаз иҳагу иҳабзоу зегьы азгәаҭаны иҟаҳҵоит, аха нас аусура ҳшаҿу ицәырҵуеит еиҭа, урҭ роуп еиҳаракгьы ауадаҩрақәа зцу", - ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Арсҭаа Ауадҳара аԥсшьарҭаҩнқәа русуразы: сынтәеиԥш ауаа ҳмоуцызт
Арсҭаа: аӡыргара ҟаҳҵом, Ауадҳара зыԥсы зшьар зҭаху зегьы ахьҳазҳадымкыло аҟынтә