Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсҭаа Ауадҳара аԥсшьарҭатә ҩнқәа рзы: ибжьысыз ыҟоуп, ҿыц еиҭашьақәыргылатәуп

© Foto / предоставлено Астаном АриставаАстан Аристава
Астан Аристава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Ауадҳара аԥсшьарҭаҩнқәа ирхылаԥшуа Асҭан Арсҭаа иҳәеит сынтәатәи акурортә аамҭа шхыркәшоу.
Арсҭаа Ауадҳара аԥсшьарҭатә ҩнқәа рзы: ибжьысыз ыҟоуп, ҿыц еиҭашьақәыргылатәуп

"Есышықәса аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иалаҳгалоз аиҳа ҩынтә еиҳаны иалаҳгалеит сынтәа, уи ҩ-миллионк мааҭ инареиҳаны иартәоит. Ари аҳәынҭқарратә пансианатуп, иаанаго аҟәрышь зегьы аҳәынҭқарра иалаҳҵоит, аха нас иҳарҭоит зда ԥсыхәа ыҟам аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Иҟоуп есышықәса маҷ-маҷ иҟаҵатәу, аха иҟоуп инарҭбааны аус зыдуалатәугьы: аҩнеихасақәа шьҭа ибжьысуа иалагеит, дара ҿыц иҟаҵатәуп. Ақалақь аҿы иургылаз акыраамҭа иузхозар, ара ирлас ибжьысуеит. Асезон аламҭалаз иҳагу иҳабзоу зегьы азгәаҭаны иҟаҳҵоит, аха нас аусура ҳшаҿу ицәырҵуеит еиҭа, урҭ роуп еиҳаракгьы ауадаҩрақәа зцу", - ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0