Жьҭаара 27 рзы Аԥсны ахатәы бызшәа иамшны иԥхьаӡоуп. Ари амчыбжь азы ҳтәыла ашколқәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит иаарту аурокқәа.
"Аҩны ахәыҷы ихатәы бызшәа уиаҟара ишимаҳауа здыруеит, аҭаацәа аурыс бызшәа ԥыжәара шарҭо еилкаауп, аха ҳара ашкол аҿы ианааи инаркны ахәыҷы урыс ажәак иҳәаргьы ҳауӡом. Ҳара ҳашкол аҿы ԥҟарас иҳамоуп, арҵаҩцәагьы ирдыруеит, аԥсышәала мацара ицәажәалар шахәҭоу. Арҵаҩцәа иҳамоуп аҷаԥшьара, сара схаҭа аурокқәа ахьсымам аҟнытә ирлас-ирлас ахәыҷқәа срышьклаԥшуеит. Аиҳабыратә классқәа рҿы ус ҳзыҟамҵозаргьы, аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа адәаҿы ианыхәмаруа урысшәала исаҳар, ахәыҷы даахьарԥшны "убызшәа ухашҭма? Аԥсышәала уцәажәала!" ҳәа иасҳәоит. Шьҭа ҳхәыҷқәа ҳхы ианықәыԥшлак аԥсышәала ацәажәара иалагоит. Ажәакала, абызшәа гәцаракны иҳамоуп", - ҳәа азгәалҭеит Чепиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Зураб Хьыбба: узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?