Аҳақьым: уажәтәи ахәыҷқәа иаҳа аспорт иазҿлымҳауп, уи ргәабзиарагьы ианыԥшуеит
© Sputnik
"Асезонтә чымазарақәа уажәоуп ианалаго, макьана хыԥхьаӡара рацәала аполиклиникахь иҳадымҵаалац, аха иазгәастарц сҭахуп уажәы изызҳауа ахәыҷқәа ргәабзиара акырӡа ишеиӷьу. Ҳара ҳахь иааиуеит аҭаацәа аӡҟы инаиркны 15 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыманы. Игәаумҭар залшом ахәыҷқәа еиҳа аспорт ишазҿлымҳахаз, ӡынгьы ԥхынгьы рҽазыҟарҵоит, уи ҳәарада ахәыҷы игәабзиара ибзианы ианыԥшуеит. Ахәыҷы игәабзиара аӡын аамҭазы уацәымшәарцаз ахьҭа ичҳалартә еиԥш дҟаҵатәуп, аха уи ахәыҷы дании инаркны аус адулатәуп", - ҳәа азгәалҭеит Гәниаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳақьым: аполиомиелит азы алаҵа хымԥадатәиуп
Гәниаԥҳа: аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит