АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аполиомилит азы алаҵа дарбанызаалак изы хымԥадатәиуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым Есма Гәниаԥҳа.
"Аполиомиелит зыхьуа ахәыҷқәа уажәы иаҳԥылаӡом. Хәышықәса рыҩнуҵҟа ари ачымазара Аԥсны ицәырымҵыцт. Аха ҳтәыла иаԥну аҳәынҭқаррақәа рҿы ачымазара аларҵәара анаиуа ыҟоуп, убри аҟнытә Аԥсныҟа ииасыр алшоит. Ачымазара аҽацәыхьчаразы иҟоуп алаҵақәа. Аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит. Раԥхьаӡа акәны ахәыҷы изыҟаҵатәуп ҩымз анихыҵуа аамҭазы. Анаҩс хымз, ԥшьымз рзы. Аревакцинанциа ҟарҵоит шықәсыки фымзи анихыҵуа аамҭазы. Атәылаҿы ачымазаразы аҭагылазаашьа цәгьазар, адуцәагьы иҟарҵар ауеит", - ҳәа азгәалҭеит Гәниаԥҳа.
Быжьшықәса раԥхьа иҟан агәаанагара ҩыџьа ачымазара рыхьны иҟоуп ҳәа, урҭ аҽыҭҵааразы Урыстәылаҟа ишьҭан, аха уа ишьақәдыргылеит дара рчымазара полиомелит шакәмыз.
Ауааԥсыра рыгәҭа иҟоу ииашам агәаанагара – алаҵа агәабзиара иаԥырхагоуп ҳәа ҿаԥҽуа аҳақьым илҳәеит:
"Атәылаҿ ачымазара ҿкы аҭыԥ амоурц азы хымԥада алаҵақәа ҟаҵалатәуп", - лҳәеит Гәниаԥҳа.
Алаҵақәа зегьы аҳақьымцәа ироуеит ИуНИСЕФ аҟынтәи.
Аполиомелит аҿагылара Адунеизегьтәи амш (World Polio Day) жәашықәса раԥхьа азгәаҭара иалагеит еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаара "Ротари Интернэшнл" аԥшьгарала. Иара иахықәкуп адунеитә уаажәларра ачымазара апроблема разхьарԥшра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәниаԥҳа: аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит
-
Аԥсны аимҳәа хызҽша алаҵа аҟаҵара иалагоит