Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аԥсны ада иззымҳауа аҵиаа хкқәа раартра шыҟалаз

Бзыԥтәи аҩхаа ада, адунеи аҿы џьаргьы иззымҳауа аҵиаа ашьхаҳаршьыл (колокольчик) аартра шыҟалаз, насгьы изыбзоуроу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аԥсны ада иззымҳауа аҵиаа хкқәа раартра шыҟалаз

"Аҵиаа хԥа-ԥшьба метра ацаҟьа ашьшьарсҭақәа рҿы ибжьиаауеит. Ус унаӡаны иҿухартә еиԥш иҟам, хықәкыла лабак аанкыланы зегьы ԥысыҵәҵәоит ҳәа уаламгар. Егьы абжьааԥны уаҩы дахьнеиуа иҿиаӡом. Аԥсабара иара ахала ахы ахьчоит рҳәоит, ус еиԥш иҟоуп ӡыӡбахә ҳамоу, Аԥсны ада џьаргьы иззымҳауа аколокольчикгьы. Ари аҵиаа шызҳауа Аԥсны иқәнагалахьо аботаникцәа ирымбацызт. Иара аартра шыҟалазгьы убас ауп: 1976 шықәса рзы Бзыԥтәи аҩхаа акәша-мыкәша аус аауан. Усҟан Саратовтәи ауниверситет аҿынтә иааны иҟан астудентцәа, дара еизыргоз аҵиаақәа шьақәиргылон Альфред Колаковски. Аҵиаақәа шҭиҵаауаз иара ахаҭа иԥыхьашәеит, аха иахьӡу изеилымкааит, усҟан ишҿыцу иҳәеит, адунеи аҿы ишдырым акакәны ишыҟоу. Аҵарауаҩ Санкт-Петербургтәи аботаникатә институт Кавказтәи асектор аҿы иҭиҵааит, адунеи аҿы ишдырым шьақәирӷәӷәеит, иара иоуп ахьӡгьы азҭаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: