Арадио

Кәакәасқьыр Гал аԥсуа бызшәа арҵаразы: шамахамзар зегьы ирдыруазар рҭахуп

Аԥсуа бызшәа амш аҽны Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит рҵаҩцәа аԥсуа бызшәа шыддырҵо, уи ахьынӡарыцааиуа атәы.
Sputnik

Жьҭаара 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аԥсуа бызшәа амш.

Кәакәасқьыр Гал аԥсуа бызшәа арҵаразы: шамахамзар зегьы ирдыруазар рҭахуп

"Инеибеиԥшны ус иҟоуп сҳәар мцуп, аха иҳамоуп аҵаҩцәа ԥсышәала анхаратә, абзазаратә бызшәала узацәажәаша, узҵаара аҭак ҟазҵо, ахшыҩҵак ҳәоуны еиқәыршәаны изҳәо ахәыҷқәа ҳамоуп, хымԥада.

Зхьышьҭрахь ихынҳәуа, зыжәлақәа еиҭашьақәзыргыло араион ауааԥсыра ыҟоуп. 17 шықәса ҵуеит араҟа аԥсуа бызшәа арҵаҩыс аус зуеижьҭеи, иазгәасҭар сҭахуп шьҭрала иаԥсыуаау абызшәа аҵара иаҳа ирықәманшәалахоит, иҟалап ашьа иара атәы ҟанаҵозаргьы. Абызшәа иазҿлымҳауп, шамахамзар зегьы ирдыруазар рҭахуп, иахьынӡарылшо игәцаракны ирҵоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара убасгьы иҳәеит абызшәа дырҵаразы араион аҟны иҷыдоу апрограмма, мамзаргьы аметодика шыҟам. 
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.