Арадио

Ҳалбад еиҭалҳәеит аҭаца лкасы еиқәаҵәеи лыхьӡ аԥсахреи зыдҳәалаз ртәы

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аспециалист хада, ААУ арҵаҩ нага Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ачарақәа шыруаз атәы дазааҭгылеит.
Sputnik
Ҳалбад еиҭалҳәеит аҭаца лкасы еиқәаҵәеи лыхьӡ аԥсахреи зыдҳәалаз ртәы

"Ачара зуа аҭаацәара мацара ракәымкәа, ақыҭа зегьы рзы ныҳәа дуун, еиҳарак уи гәырӷьара дуун аижәлантәқәа рзы. Аҭаца уахынла дааргон, насгьы уамашәа иубаша, уи илҿадыршәуаз акасы еиқәаҵәан. Абри зыҟарҵоз аҩсҭаа дылхьымԥшырц азы акәын, лаб иҩнаҭа ныжьны даҽа ҩнаҭак ахь даннеиуаз, ахәымгара, агызмалра ҳәа акы лыхьԥшны иҟазар, уахь илыцны имцарц азы акәын аиқәаҵәа зылхарҵоз. Убасгьы аҭаца дахьнаргоз аҩнаҭаҟны лыхьӡ рыԥсахуан. Уи зыдҳәалаз лышьҭра, лабраа рашҭа, ргәара ицқьам мчык ахылаԥшуа иҟазар, убри лара дамԥшаарц лыхьӡ рыԥсахуан", - лҳәеит Ҳалбад.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.