Арадио

Аблоҭиа: ахәыҷқәа аҩны аԥсуа мультфильмқәа, аԥсуа фильмқәа дырбалатәуп

Амультфильмқәеи ахәыҷқәа рзы афильмқәеи абызшәа аҿиаразы анырра иарҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акиностудиа "Аԥсуафильм" асахьаркыратә директор, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.
Sputnik
Аблоҭиа: ахәыҷқәа аҩны аԥсуа мультфильмқәа, аԥсуа фильмқәа дырбалатәуп

"Ахәыҷы хымԥада, амультик аума, афильм аума, ибзиазар, дахәаԥшуеит. Изгәамҭаӡакәагьы абызшәа ихаҿы иаанхоит. Иланааӡогьы маҷым. Ахәыҷы раԥхьа ахәышҭаара бызшәа ирҵатәуп, уи ала иацәажәалатәуп. Нас ауп алитература аналугаша хәыҷ-хәыҷы. Ҳара абызшәа рзымдырӡакәа ашкол аҿы иарала изыԥхьо еилыркаар ҳҭахуп. Аҩны аԥсуа мультикқәа, аԥсуа фильмқәа дырбалатәуп, абызшәа раҳалароуп еснагь. Уажә ашьыжь иаахҵәаны амультикқәа аԥсышәала иахәаԥшуазар, асабша иааизакны идырбатәуп, убри ахәыҷқәа ашьцылароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аблоҭиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.