Арадио

Кур-оглы: ауаҩы "узыцхыраахьада уԥсадгьыл аҿы?" ҳәа ианиазҵаалак, аҭак имазароуп

Ауаажәларратә усзуҩы, Москва инхо ҳџьынџьуаҩ Белла Кур-оглы арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Мирослава Колбаиа лыхәышәтәра иазырхаз акциа "Гәыразыла" аихшьаала ҟалҵеит.
Sputnik
Кур-оглы: ауаҩы "узыцхыраахьада уԥсадгьыл аҿы?" ҳәа ианиазҵаалак, аҭак имазароуп

"Акциа қәҿиарала имҩаԥысит, иалахәын ирацәаҩны аԥсуаа. Акциа иалнаршеит Мирослава Колбаиа ацхыраара лыҭара, уи лыхәшәтәразы иаҭахын 635 нызқь мааҭ аԥара. Адунеи аҿы иҟаӡам аԥсҭазаара аиҳа иҳараку ҽакы. Ауаҩы иқәрахь даннеилак, "узыцхыраахьада уара уԥсадгьыл аҿы?" ҳәа ианиазҵаалак, аҭак имазароуп, усҟан иара џьанаҭ дцеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Ацхыраара, агәыҳалалара зегьы ирыцкуп. Аԥсуаа ҳда-ҳшьа иалоуп аҭынха ицхраара, аха араҟа атәым хәыҷы мааҭк иадамхаргьы иузидҵар, аҳалалра иаԥызго акгьы ыҟаӡам", - ҳәа азгәалҭеит Кур-оглы.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.