Аԥснытәи аҩқәа ахьтәы медалқәа ҩба ранашьахеит

Лев Голицын ихьӡ зху актәи Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысит Ҟрым иреиҳаӡоу аҩытә наплакы "Массандра" аҿы жьҭаара 24 - 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҩқәа "Массандра" ахьтәы медалқәа ҩба ранашьахеит, иара убасгьы аразны медали аџьаз медали ранашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ИИЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" рынџьныр Владислав Парамонов.

"Аиндаҭлараҿы ҳаалыҵ ахәшьара бзиа аҭан. Ахьтәы медалқәа ранашьахеит аҩқәа: "Ашҭа Лаша ҟаԥшь", "Ашҭа Лаша шкәакәа". Аҩы "Аҭауад" аразны медал аиуит", - еиҭеиҳәоит иара.

Аконкурс иалахәын аҩы-хкқәа рацәаны.

"Аиааиҩы далыркаауеит абаллқәа рыла. 100 баллк шамахамзар аӡәгьы иоуӡом. Ҳара 87-88 балл ҳауит", - еиҭеиҳәоит анџьныр.

Ажиури иалахәын адунеи аҿы еицырдыруа агьамабаҩцәа Иури Иудич, Артур Саркисиан, иҳәеит Парамонов.

Аконкурс иалахәын 70 наплакы Урыстәыла, Франциа, Испаниа, Италиа, Венгриа, Австралиа, Израиль, Македониа, Марокко, Болгариа, Ермантәыла, Қырҭтәыла, Молдова, Чили рҟынтә.

"Массандра" - шьаҭаиркит 1894 шықәса рзы аҭауад Лев Голицын. Иахьанӡагьы адунеи аҿы еицырдыруа иҟоуп. Гиннес ирекордқәа Рышәҟәы иануп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: