Хәаԥ ажьҭаара аԥскымҭазы

Sputnik

Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба идгьыл аҿы имоуп 90 инареиҳаны ажь зқәу алқәа. Иара махәҿала мацара илшоит зоура 25 метра иҟоу ал дхаланы ажь аҭаара.

Аԥсуа ҩы - адунеи аҟны зегь раԥхьа ицәырҵыз арыжәтәқәа иреиуоуп. Аԥсны иԥшаан ажь агәаӷьқәа зҭаԥсаз, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа III—II азқьышықәсақәа рахь иаҵанакуа аирыӡқәа.

Шамахамзар аԥсуа ҩнаҭацыԥхьаӡа аҩы ҭарҭәоит. Раԥхьа излалаго, хымԥада, ажьҭааралоуп. Зны уи ҭарыԥсоит жәытә-натә аахыс аԥсуаа рхы иадырхәоз ишышны иҟарҵоз амҿтәы мҵәышә. Уи еизыхәхәоу аформа замоу хыхьынтәи ажь ҭаԥсаны ианыларышьҭуа, абӷьқәа ԥырхага анамҭарц азоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 15
Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба ажь аҵлақәа ирықәҵаны имоуп.
2 / 15
Ешсоу иааӡоит аԥсуа ажьхкы аҳардан.
3 / 15
Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәбеи Роланд Занҭариеи.
4 / 15
Аҵла иқәланы ажь анырҭаауа уи еизыхәхәоу аформа змоу, ишышу амҿтәы мҵәышә иҭарыԥсоит.
5 / 15
Ешсоу Гәажәба махәҿала мацара аҵла дхалоит.
6 / 15
Иара ажь иҭаауеит 25 метра аҳаракыраҟны.
7 / 15
Еизыргаз ажь иахьыцәаакырам ишьҭарҵоит.
8 / 15
Иҭеигалаз аҽаҩра Ешсоу иаразнак аҩы алихӡом.
9 / 15
Ирҭааз ажь иахьыцәаакырам аҭыԥ аҿы быжьба-ааба мшы ишьҭазароуп.
10 / 15
Ажь еиқәаҵәҳаҳараӡа афҩы лаҳалаҳауа ихнамхуа дыҟамзар ҟалап.
11 / 15
Аҩы аҟаҵаразы, Ешсоу ахәага ажь ҭаԥсо ахәара далагоит. Уантәи ажь шиашоу ачан ахь иҭаԥсоит.
12 / 15
Ажь анихәалак иалҵуа ашәырӡи ажь ҟәаҟәеи рмасса иахьӡуп ажьаӷь.
13 / 15
Уаанӡа аԥсуаа ажь аиаҳәа иҭаԥсаны акәын аҩы шыҟарҵоз.
14 / 15
Ианеиҵеиҵалак ашьҭахь актәи амчыбжь аан ажьаӷь иаҵыҵуеит излоу амаҷар - ажьтә шәырӡ.
15 / 15
Аҩы бзиан иҟаларц азы, ажьаӷь еиҵазароуп ҩба-хԥа мчыбжьы иреиҵамкәа.