АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амшентәи аерманцәа рыбзазареи ркультуреи, рашәақәа, рыкәашарақәа уҳәа рдырра алзыршо аныҳәа "Амшен" абҵара 7 рзы Иашҭхәа ақыҭаҿ иҟалоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа руаӡәк Хачик Миносиан.
"Амшен" аныҳәа амҩаԥгара абҵара 1 аҟынтәи абҵара 7 рахь аиагара амштә ҭагылазаашьа иаҿыҵгоуп.
"Абҵара акы азы амш цәгьахоит азы, аныҳәа арыцхә ҳаԥсахырц ҳаӡбеит. Ҳара аныҳәа ҳазыҟаҵан, аха аԥсабаратә ҭагылазаашьа ҳиааит", - иҳәеит Миносиан.
Амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи ӡырыргоит Аҟәа ақалақь, Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Гагреи араионқәа руаԥшь еиҿкаарақәа. Ахәыҷқәа рзы аиҿкааҩцәа аҳамҭақәа аздырхиеит, еиҿыркааит еиуеиԥшым ахәмаррақәа.
Миносиан иажәақәа рыла, аныҳәа хықәкы хадас иамоу амшентәи аерманцәа рҵас, рқьабз аиҭарҿиароуп.
"Ауаа ирбар рылшоит рабацәа, рабдуцәа рнапы злакыз. Иӡыргахоит ачысмаҭәа, адгьылқәаарыхратә мыругақәа. Урыстәылантәи иаауеит амшентәи акәашарақәа рхореографиатә ансамбль, ашәаҳәаҩцәа. Инагӡахоит аԥсуа кәашарақәа, ашәақәа", - иҳәоит иара.
Аҽаҩра аныҳәа "Амшен" ԥшьынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи. Ииасыз ашықәс азы имҩаԥган Гагра араион Маҳадыр ақыҭан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аерманцәа рытрагедиа: шәышықәсатәи ахьааи агәыӷреи
Аерман музыка афестиваль мҩаԥысит Гагра