Жьҭаара 31 рзы Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит

Аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы астанциа маҷқәа "Аҟәа-220", "Афон ҿыц", "Гәдоуҭа-ахага", "Гәдоуҭа-110", "Дәрыԥшь", "Мҵара", "Лыхны", "Мысра-ахага", "Мысра", "Пицунда" русура аанкылахоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Пицунда, Гәдоуҭа араион, Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭа (Ешба имҩа анҵәамҭа, Араион ҿыц, амассив Гәымсҭа, Ачадара, Алада Ешыра), Гәылрыԥшь араион ахәҭак аԥшьаша, жьҭаара 31 асааҭ 07:00 - 08:30 рзы фымцалашарада иаанхоит. Абри атәы Facebook аҟны иаанацҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Ииасыз амчыбжь азгьы Аԥсны ахәҭак лашарада иҟан АУН "Амшынеиқәафымцамч" астанциа маҷ "Сухум 220" аҟынтә астанциа маҷ "Бзыԥ 220" ахь афымцамч ахьынанашьҭуаз азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: