Арадио

Џьапуа: аҿар ирбароуп аҭҵаарадырраҟны аԥеиԥш шыҟоу

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит академиа аҿаԥхьа иаҳа иуадаҩу, иҵарны иқәгылоу ҳәа ииԥхьаӡо азҵаара.
Sputnik

Жьҭаара 30 Аԥсны аҭҵаарадырра иамшуп. 1997 шықәсазы ари амш аҽны Владислав Арӡынба идҵала иаԥҵан Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа.

 

Џьапуа: аҿар ирбароуп аҭҵаарадырраҟны аԥеиԥш шыҟоу

"Иаҳа иуадаҩу ҳәа аԥхьа исыргылоит акадрқәа рааӡара аиҿкаара. Уи зегь раасҭа ихьанҭоу, ихадароу зҵаароуп, хымԥада. Араҟа сгәаанагарала ақәҿиарақәа ҳамоуп, узықәгәыӷуа аҿар агылара иаҿуп. Иара астипендиа, аԥара аганахьалагьы шьаҿақәак ҟаҳҵеит. Аԥсны анҭыҵынтә ҳаспирантцәа адыррақәа рызҭаша аҵарауаа дуқәа раагара ҳалагеит. Уи аганахьала ашьаҿа бзиақәа рыҟаҵара ҳаҿуп.

Аҿарацәа иахьа аҭҵаарадырра ахықәкы, ауадаҩрақәа дырны знапы алазкуа ыҟоуп. Урҭ алкааны ахшыҩзышьҭра раҳҭароуп. Иахьа аџьармыкьатә економика аамҭазы урҭ руалафахәы, хымԥада, иныҟәнагаӡом, уи рдыруеит, аха ирбароуп аҭҵаарадырраҟны аперспектива шыҟоу", - иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.