Аԥсны асоциалтә закәан ҿыц аус адырулоит

Аԥсны Апарламент абжьыҭира мҩаԥнагеит асоциалтә усхк аҟны азакәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ раԥҵаразы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 1– Sputnik. Адемографиатә политиказ азакәан апроект Аԥсны аус адырулараны иҟоуп ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Алхас Џьынџьал.

Аԥсны ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система алагалахар ҟалоит

"Адемографиатә политика иазырхо азакәанԥҵаратә актқәа аус рыдулахоит. Егьырҭ атәылақәа рҟны еиҿкаауп анормативтә актқәа, амилаҭтә проектқәа, адокументқәа ари азҵааразы. Ҳара ҳҿы дарбанызаалак зиндырҩык абри аилкааразы узҵаара аҭак изыҟаҵом", - иҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Алхас Џьынџьал.

Иара иазгәеиҭеит ихадароу адемографиаз азакәан адкылара шакәу. Нас ари азакәан иҳәаақәнаҵоит Аԥсны адемографиа апроблемақәа рыӡбра иазырхоу апрограммақәеи апроектқәеи.

Апарламент адепутат агәра игоит азҵаара ахықәкы аилкаара шахәҭоу. Адемографиазы азакәан аԥҵара рнапы ианҵахоит азиндырыҩцәа, хаҭала Аминистрцәа реилазаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: