Арадио

Маланиаԥҳа: зхатә машьынала Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Атуристтә сезон хыркәшоуп, уи алҵшәақәеи алкаақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны атурфирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа.
Sputnik
Маланиаԥҳа: зхатә машьынала Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлеит

"Ҳара иазгәаҳҭароуп сынтәатәи ашықәс азы атурсезон маҷк ишыԥсыҽыз ҵыԥх аасҭа, уи ҳусура иаҳнарбеит. Ахыԥхьаӡара атәы ҳҳәозар, сынтәа аԥсшьаҩцәа ныҟәара ицеит 2450-ҩык рҟынӡа, ҵыԥх - 2644-ҩык, атрансфер акәзар, уигьы ахыԥхьаӡара маҷхеит, сынтәа 30800 рҟынӡа инеит, ҵыԥх акәзар, 31 нызқьҩык инареиҳаны аус рыдаҳулеит. Аныҟәарақәа рахь ицо рхыԥхьаӡара змаҷхаз ҳәа сгәы изаанаго, ирацәаҩхеит аԥсшьаҩцәа зхатә машьынақәа рыла иаауа, аекскурсиатә ҭыԥқәа рҟынӡа зхала ицо, ус аԥсшьара дара еиҳа ахә марианы ирзалҵуеит. Ирацәахеит асасааирҭақәа зхатә машьынақәа аазхәаз, убри аҟнытә ныҟәара ицо рхыԥхьаӡарагьы маҷхеит. Абарҭ роуп ари ашықәс азы иҟоу аиҭакрақәа ҳәа иалаҳкааз", - ҳәа лҳәеит Маланиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: