Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба сынтәатәи акурорттә аамҭазы: арбагақәа ҵыԥхтәи аасҭа еиҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Аршба
Саид Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуристтә аамҭа хыркәшоуп, уи алҵшәақәеи алкаақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҟаиҵеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны акурортқәеи атуризми рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аинформациатә ҟәша аиҳабы Саид Аршба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Аршба сынтәатәи атуристтә аамҭа аихшьаалақәа ирызкны

"Ари ашықәс арбагақәа иаҳдырбеит аҭагылазаашьа ҵыԥх аиҳа сынтәа ишеиӷьу. Аекскурсиа иалахәыз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳан, ас еиԥш аинформациа еидаҳкылоит атуристтә фирмақәеи, аԥсшьарҭатә ҩнқәеи рҟынтә иҳауа ахыԥхьаӡарақәа рыла. Ҳәарада, зхатә машьынала иаауа аԥсшьаҩцәа иаҳа имаҷны аԥара ҳтәылаҿы иаанрыжьуеит, аха урҭгьы ԥсшьаҩык иаҳасабала ирызныҟәатәуп, анаҩс аҩныҟа ианыхынҳәуа аамҭазы ҳтәылазы ахҳәаа бзиа ҟарҵарцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Аршба.       

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0