Апроект "Аԥсуа Баагәара ду амаӡақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ихыркәшахеит археологиатә експедициақәа хԥа рҟынтәи актәи аекспедициа. Аҭҵаарақәа рымҩаԥысшьа атәы иалацәажәараны иҟоуп аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа:
• Археолог, аҭоурыхдырыҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны ААР алахәыла иаша, апроект аҭҵаарадырратә напхгаҩы Олег Бӷажәба;
• Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии русзуҩ Дмитри Счастныи;
• Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, Аԥсны Акультура аминистрра аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Шандор Ҟаитан;
• Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Дмитри Аҩӡба.
АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).
Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.
Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.
Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook аҿы) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гал араион аҿы абжьарашәышықәсатә бааш рбеит
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп
Ажәытә бааш хыжәжәара: археологцәа иҭырҵааит Аԥсуа Баагәара ду даҽа хәҭак