Арадио

Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит аибашьраан иҭахаз Гәдоу аӡнырцәаа ирызку лышәҟә ҿыц атәы

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иҭахаз Гәдоу аӡнырцә инхоз аибашьцәа ирызкны иҭлыжьыз лышәҟәы ианылаз аҭоурыхқәа шеизылгаз.
Sputnik

Ашәҟәы ианылеит Гәдоуҭа ақалақь Гәдоу аӡнырцә инхоз ахԥатәи ажәыларатә баталион еиднакылоз, иҭахаз аибашьцәа 52-ҩык рҭоурыхқәа.

Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит аибашьраан иҭахаз Гәдоу аӡнырцәаа ирызку лышәҟә ҿыц атәы

"Марттәи ажәылараан ирацәаҩны иҭахеит Гәдоу аӡнырцә инхоз арԥарцәа. Аибашьра анеилга ашьҭахь иҭахаз ранацәа ианысҵаз рацәаҩуп, аха рыцҳарас иҟалаз, иахьанӡа зыԥсы ҭаны иаанхаз маҷуп. 52-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҟынтәи иҟоуп ҩыџьа-ҩыџьа ахьҭахаз аҭаацәарақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Агәмаақәа, Ниазбеи Барцыц, Маџьыҭ Гьерзмаа, Владимир Дасаниа рԥацәа. 2005 шықәсазы абри ашәҟәы аҭыҵразы ишьҭан, аха еиуеиԥшм аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ус иаанханы иҟан", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.