"Иосиф Аӡынба иҟны атекст анын, аха изеиԥшроу, иаанырԥшуа ҳәа аплан ыҟамызт. Археолог Михаил Ҭраԥшь иҟны аплан арбоуп, аха уи ала иаҳбаз баа хәыҷык ауп, насгьы абаа аибаркыра раԥхьа иангәаҳҭа аҭӡы мацара ауп иаҳбаз. Уи 300 метра рҟынӡа инаӡон, џьара-џьара иԥҽны иҟан. Асовет аамҭазы ацитрус шәырқәа анеиҭарҳауаз идырбгеит. Гәбаз иблақәа ҳәа иашьҭоуп уи абаа, ус ҳарҳәеит уаҟа инхоз. Ҳара аӡбаху анҳаҳа, ҳашьҭалеит аҩырақәа рҟны иахьану ҳәа… Абаа хырӷәӷәарҭак аҳасабала иҟан, аха уи ада иҵегьы инеиҵыхны аҭӡы цозма, мамзар ахыхьчаратә цәаҳәақәа рыла икәаршазу зҵаараны иаҳзынхеит, избанзар еибганы инханы иҟаӡам. Ахыхьчаратә ганқәа рыла аҭыӡқәа цоит, аха урҭ уи аҭыԥ мацара иадҳәалоу, мамзар Аԥсуа Баагәара иадҳәалоу зҵаараны иҟоуп", - иҳәеит Ҟаитан.
Иара убасгьы дырзааҭгылеит аԥшаахқәа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:
- Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп
Аҭоурыхҭҵааҩ Ҟаитан: Аԥсуа баагәара амаӡақәа аанартуеит