Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҟаитан Хьацҳа ирбаз абаа азы: Аԥсуа Баагәара иадҳәалазу еилкаам, зҵаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукШандор Кайтан
Шандор Кайтан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гал арион Хьацҳа ақыҭан абжьаратәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа абаа шырԥшааз.
Ҟаитан Хьацҳа ирбаз абаа азы: Аԥсуа Баагәара иадҳәалазу зҵаароуп

"Иосиф Аӡынба иҟны атекст анын, аха изеиԥшроу, иаанырԥшуа ҳәа аплан ыҟамызт. Археолог Михаил Ҭраԥшь иҟны аплан арбоуп, аха уи ала иаҳбаз баа хәыҷык ауп, насгьы абаа аибаркыра раԥхьа иангәаҳҭа аҭӡы мацара ауп иаҳбаз. Уи 300 метра рҟынӡа инаӡон, џьара-џьара иԥҽны иҟан. Асовет аамҭазы ацитрус шәырқәа анеиҭарҳауаз идырбгеит. Гәбаз иблақәа ҳәа иашьҭоуп уи абаа, ус ҳарҳәеит уаҟа инхоз. Ҳара аӡбаху анҳаҳа, ҳашьҭалеит аҩырақәа рҟны иахьану ҳәа… Абаа хырӷәӷәарҭак аҳасабала иҟан, аха уи ада иҵегьы инеиҵыхны аҭӡы цозма, мамзар ахыхьчаратә цәаҳәақәа рыла икәаршазу зҵаараны иаҳзынхеит, избанзар еибганы инханы иҟаӡам. Ахыхьчаратә ганқәа рыла аҭыӡқәа цоит, аха урҭ уи аҭыԥ мацара иадҳәалоу, мамзар Аԥсуа Баагәара иадҳәалоу зҵаараны иҟоуп", - иҳәеит  Ҟаитан.

Иара убасгьы дырзааҭгылеит аԥшаахқәа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0