Кәыҵниа: АҶА аҩныҵҟа амедицинатә усбарҭа арӷәӷәара ихадоу хырхырҭаны иалаҳкаауеит
© Sputnik
"Иҳамоу аԥышәа иаҳнарбеит, Аԥсны иналганы амедицинатә цхыраара аиуразы Урыстәылаҟа игатәхо рацәахеит, убри аҟнытә абри ахырхарҭа арӷәӷәара ҳаҿуп. Иҳамоу аверталиот цхыраагӡа духеит. Ҳус арманшәалоит ашьхараҿы, амшын аҿы, зҭагылазаашьа хьанҭоу ацхыраара ирлас еиқәырхаразы. Шәача ақалақьи ҳареи аицәажәара ҳамоуп, амашәыр иақәшәаз ауаҩы машьынала уаанӡа ианнаҳгалак дара ирыдыркылоит настәи аус дара рнапаҿы иҟоуп. Ацхыраара лас амашьынақәа ҩба Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит. Руакы ачымазаҩ бааԥсы изы зыда ԥсыхәа змамкәа иҟоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәаны, ачымазаҩцәа Аԥсны анҭыҵ ргаразы уи иадҵаалоу зегьы ацхыраа раҳтоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.