Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: АҶА аҩныҵҟа амедицинатә усбарҭа арӷәӷәара ихадоу хырхырҭаны иалаҳкаауеит

© SputnikЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит 2020 шықәса рзы аминистрра аусураҿы ихадоу хырхарҭаны ишалыикаауа амедицинатә усбарҭа аиҿкаара аус ахыркәшара.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура иазкны

"Иҳамоу аԥышәа иаҳнарбеит, Аԥсны иналганы амедицинатә цхыраара аиуразы Урыстәылаҟа игатәхо рацәахеит, убри аҟнытә абри ахырхарҭа арӷәӷәара ҳаҿуп. Иҳамоу аверталиот цхыраагӡа духеит. Ҳус арманшәалоит ашьхараҿы, амшын аҿы, зҭагылазаашьа хьанҭоу ацхыраара ирлас еиқәырхаразы. Шәача ақалақьи ҳареи аицәажәара ҳамоуп, амашәыр иақәшәаз ауаҩы машьынала уаанӡа ианнаҳгалак дара ирыдыркылоит настәи аус дара рнапаҿы иҟоуп. Ацхыраара лас амашьынақәа ҩба Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит. Руакы ачымазаҩ бааԥсы изы зыда ԥсыхәа змамкәа иҟоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәаны, ачымазаҩцәа Аԥсны анҭыҵ ргаразы уи иадҵаалоу зегьы ацхыраа раҳтоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0