"Ҳара иҳалшо аконцерт бзиа аиҿкаароуп. Ауаа неир, ахә хышә мааҭ ауп изыԥсоу, рлагала ҟарҵар, уи ҳара ҳгәы ҟанаҵоит, изаҳҭогьы ргәы ҟанаҵоит. Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара ииашоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аҟазара аҿиара апроцесс узынкылаӡом, иахьа ибзиоуп уаҵәы ихьысҳахар ауеит, аха ахәаԥшцәа рзы аинтерес зҵо апрограмма аиқәыршәара ҳҽазаҳшәеит. Ажәакала, ауаа идҳарбаша аҿыцрақәа ыҟоуп. Жәаҳәарада, ашәаҳәара акәашара аԥсуа жәлар идырҿиаз усуп, ҳара ҳфольклор ауп, ҳажәлар рҟәыӷароуп. Иагьаџьара уахыкәшаргьы амреи адгьылеи шеикәаҵәыҩуа еиԥш, амхылдыз еиԥш уалахәуеит аҟазара. Афольклор акәша мыкәша ауп зегь ахьҳарҿио", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" мҩаԥгахоит Аҳәынҭфилармониаҿы
Логәуа ансамбль "Ерцахә" азы: иахьатәи аамҭеи аҭоурыхи еиҿыбааны аусура ҳаҿуп