Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" мҩаԥгахоит Аҳәынҭфилармониаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Ерцахә"
Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ансамбль "Ерцахә" аконцерт мҩаԥгахоит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә афилармониаҿы абҵара 15 асааҭ 18:00 рзы.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ансамбль "Ерцахә" агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит Ражден Гәымба ихьӡ зху афилармониаҿы абҵара 15 рзы. Уи Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адгылара аҭаразы еиҿкаауп. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Абри амш азы Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" аа-шықәса ахыҵуеит. Ҳтәылауаа рзы ари лшамҭоуп агәыҳалалра аарԥшразы. Абилеҭқәа рыхәԥсақәа 200 - 300 мааҭ еиҳам. Абилеҭқәа аархәар ҟалоит афилармониа акассаҿы ма ҳара ҳофис аҿы", - лҳәоит лара.

Еизгахо аԥарақәа зегьы рзырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа.

"Ҳақәгәыӷуеит абилеҭқәа зегь ракәымзаргьы, реиҳарак аархәап ҳәа", - лҳәоит афонд адиректор.

Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" аԥҵоижьҭеи ацхыраара роухьеит 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

Ансамбль "Ерцахә" аконцерт мҩаԥысуеит Акультура аминистрреи Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи рыдгыларала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0