Аԥсны иҟоу аурыс ԥшыхәратә аруаа "аӷа" илагер ықәырхит

Атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан арԥжәагақәа ИМ-120, адырраҟаҵагатә ракетақәа, ахысгатә патрона ҭацәқәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik. Арратә ԥшыхәыҩ ипрофессионалтә ныҳәа аҽны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аруаа ирмаӡаз "аӷа" илагер иажәлан ықәырхитҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа аԥшыхәратә комплексқәеи аимадаратә хархәагақәа "Стрелеци" рыла "аӷа" ируаа ахьыҟаз шьақәыргыланы ижәлеит.

"Ирмаӡаз алагер уаҩ дызхымыз ахыбрақәа рҟны итәан. Аԥшыхәцәа адҵаҟаҵаратә пункт аҟынтәи ирзаарыцҳаит ажәылара мҩаԥганы атҟәацәа ргарц хәы змоу аинформациа аиуразы", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аԥшыхәцәа алагер иакәшаны "аӷа" игәиҽанӡамкәа ижәлеит.

Ауснагӡатә хықәкыс иаман аруаа аоперативтә уснагӡатәқәа дырҵареи абџьари атехникеи рхархәара дырҵареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: