Кан Кәарҷиа: ауаа зегь рыҩны аԥхьа ҳнеины иаҳзыԥссаӡом
© Sputnik
"Азҵаарақәа рацәоуп, зегьы зныкала иҳаӡбоит ҳәа ауаа ржьара ҳалагар иашаӡам. Хымԥада, иҟоуп иаҳа иуадаҩу азҵаарақәа. Ирацәоуп аҩнусбарҭа иаҵанакуа - аԥшаҳәа, аҩнеихагыла дуқәа, ауаа рхатәы ҩнқәа. Дарбанзаалак иҩны аԥхьа ҳнеины зехьынџьара иаҳзыԥссаӡом. Хәыҷык иҳацхраароуп, досу ихы дацхраароуп. Уи аганахьала ауаа рацәажәара аҭахуп. Иҟаҵатәу аусқәа рацәоуп, азҵаарақәа ҳаидтәаланы иҳаӡбалап, иахьынӡалшо ҳаицхыраап", - иҳәеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.