Гагратәи алицеи-интернат ансамбль Москватәи афестиваль аҿы аиааира агеит

Жәларбжьаратәи афестиваль "Artstart" мҩаԥысуан абҵара 2 - 5 рзы Москва, аконцерттә зал "Останкино" аҿы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гагратәи алицеи-интернат "Башаран" ансамбль ахореографиеи авокали рзы афестиваль "Artstart" аҿы аиааира агеить ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аколлектив анапхгаҩы Асҭамыр Малиа.

"Ҳара ҩ-кәашарак ықәҳаргылеит: аԥсуа кәашареи Кавказ жәлар рыкәашареи. Ахәыҷқәа даара ибзианы рхы аадырԥшит. Актәи аҭыԥқәа ҩба аагеит. Аколлектив алахәылацәа аӡәгьы асцена ду ацәшәара имкӡеит. Ирылаз зегьы аадырԥшит", - иҳәоит иара.

Гагратәи алицеи-интернат "Башаран" ансамбль 7 - 11 аклассқәа рҵаҩцәа рыла ишьақәгылоуп.

"Ахәыҷқәа афестиваль аҿы рықәгылареи риааиреи ргәы шьҭнахит. Уи адагьы дара Москва рбеит, адырыҩцәа дырҳаит, раамҭа бзианы ирхыргеит", - иҳәоит Асҭамыр Малиа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Artstart" иалахәын адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи шәкы рҟынӡа коллектив.