Ҿыц аррахь инарыԥхьоу аҿар Гәдоуҭатәи абазахь иааит

Ҿыц аррахь инарыԥхьаз аруаа Аԥсны, Гәдоуҭатәи арратә базахь иааит. Дара нхараны иахьыҟоу аказармақәа еиқәыршәоуп акондиционерқәеи аҽыкәабарҭақәеи рыла.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 8 — Sputnik. 2019 шықәса рзы ҿыц аррахь инарыԥхьаз аҿар Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит. Урҭ ара азеиԥш ар рҽазыҟаҵаратә кәрсқәа дырҵара мҩаԥыргоит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥхьа иргыланы дара идырҵахоит азеиԥшры рыԥҟаԥҵәа, абџьар ахархәашьа, абаҩырҵәыратә нормативқәа арҭоит. Аррамаҵзурауаа зегьы амедицинатә гәаҭара иахыжьуп. Иахәҭаны иԥхьаӡоу аамҭа ашьҭахь арахь ҿыц иааԥхьоу зегьы аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргараны иҟоуп", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Аҿар арахь ирыԥхьан Чувашиатәи Ареспубликеи ареспубликақәа Мордовиеи Мари Ели рырратә комиссариатқәа рҟынтәи.

Еиҿкааз анкетамҩаԥгараан иалкаахеит ҵыԥх аасҭа сынтәа аррахь инаԥхьо 10% рҵарадырра шеиҳау.

"30% рҟынӡа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит, 40% — ибжьаратәу азанааҭтә дырра рымоуп. 25% рҟынӡа ДОСААФ ашколқәа рҟны азыҟаҵарақәа ирхысхьеит", - арбоуп адырраҭараҟны.

Ҿыц аррамаҵзура иахысырц арахь иааз рҭыԥқәа рхиоуп. Абаза апсихологцәа урҭ рҭагылазаашьа агәаҭаразы атестмҩаԥгара иахрыжьит.

Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны аруаа зегьы амедицинатә ҭҵаара иахыжьхоит.

Аррамаҵзурауаа рыԥсахраан урҭ рхыԥхьаӡара аҽеиҭанамкӡеит.