Арадио

Ҷанба еиҭеиҳәеит афестиваль "Сцена без границ" аҿы аԥсуа театр шықәгылаз атәы

Аԥсуа драматә театр аиҳабы Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Владикавказ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль "Сцена без гарниц" аҿы аԥсуа театр иреиӷьу актиортә коллектив ҳәа адиплом ишаԥсахаз.
Sputnik
Ҷанба еиҭеиҳәеит афестиваль "Сцена без границ" аҿы аԥсуа театр шықәгылаз атәы

"Владикавказ имҩаԥысуаз афестиваль ахы аныҵнахуаз аҭыӡшәа ду ацын, аԥсуааи ақырҭцәеи ҳаиҿагылара иахҟьаны, аха зегь акоуп аԥсуа театр уи иалахәхартә еиԥш иҟацан. Убри азы ари афестиваль ҳара ҳзы акыр аҵанакуеит. Ааԥхьара даара гәахәарыла иҳадаҳкылеит. Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа "Берег неба" ҳахәаԥшцәа макьана ирымбацт, мышқәак рышьҭахь ирыдаҳгалоит. Иреиӷьу актиортә коллектив ҳәа адиплом ҳаԥсахеит, уи ҳа ҳзы гәахәароуп. Москва, Петербург уҳәа рҟынтә даара зыҩаӡара ҳараку аӡбаҩцәа алахәын. Иара абри ақәыргыламҭа мышқәак рышьҭахь Нальчик имҩаԥысуа афестиваль иалахәхоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷанба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.