Абҵара 11-17 рзы Аԥсны иҟало акультуратә хҭысқәа

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ҳреспубликаҿы абҵара 11-17 рзы иҟалараны иҟоу акультуратә уснагӡатәқәа реиқәыԥхьаӡа.
Sputnik

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр

Абҵара 14 асааҭ 19:00 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы аспектакль "Ромеои Џьульеттеи".

Абҵара 11-17 рзы Аԥсны иҟало акультуратә хҭысқәа

Аҟәа, Пушкин имҩа, 1

РУСДРАМ

Абҵара 12 асааҭ 19:00 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр асценаҿы аспектакль "На всякого мудреца довольно простоты".

Абҵара 11-17 рзы Аԥсны иҟало акультуратә хҭысқәа

Абҵара 15 - 16 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ асценаҿы арежиссиор Антон Киселиус испектакль "Все мои сыновья" (Артур Миллер).

Аҟәа, Леон имҩ., 8

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә театр

Абҵара 11 асааҭ 18:30 рзы аспектакль "Қьалашьбеи".

Абҵара 11-17 рзы Аԥсны иҟало акультуратә хҭысқәа

Аҟәа, Пушкин имҩа, 1

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

Абҵара 13 асааҭ 18:00 рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцерт хада.

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп

Аҟәа, Леон имҩ., 18

Гәдоуҭа

Абҵара 11 асааҭ 14:30 рзы Акультура ахан аҿы ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" (Уралтәи акамертә хор).

Гәдоуҭа, Амҳаџьырқәа рымҩа, 4

Пицунда

Абҵара 12 асааҭ 17:00 рзы ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" (Уралтәи акамертә хори Московатәи аконсерваториа акамертә хори).

Пицунда, Гыцба лымҩа, 8

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: