АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аӡҭарчы 2020 шықәса ааԥынразы, хәажәкыра 20 рҟынӡа аусура иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ЗҲәА "Аквастройинвест" адиректор Омар Сангәлиа.
"Уажәазы ажәытә комплекс ықәгоуп, адренажтә трубақәа шьҭаҵоуп, дара атехникатә уадахь инагоуп. Иара уа иргылахоит аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи. Аҽыкәабарҭақәеи аҽеилаҳәарҭақәеи атрибунақәеи рышьақәыргылара мҩаԥысуеит. Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа ҳусурақәа аанкыламызт. Иаанханы иҟоу аӡҭарчы аҵа арӷәӷәареи аӡырԥхага цәаҳәақәа рнагареи роуп", - иҳәеит иара.
Аобиект қьырала афирма "Аквастройинвест" 2008 шықәса рзы ақалақь ахадара ианаҭеит. Аилаӡара инақәыршәаны аусурақәа 2011 шықәса рзы ирылгар акәын. Аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара афирма 20 миллион мааҭ иазтәоит.
"Изныкымкәа аҳәара ҟаҳҵахьан ахархәаратә кредит ҳарҭарц. Уи мап шацәырымкуазгьы, абанк аҟынӡа иахәҭаз ашәҟәқәа неиуамызт. Уажәы ҳара ҳхала аԥаразоужьра мҩаԥаагартә алшара ҳамоуп", - ҳәа иҳәоит Сангәлиа.
1992 шықәсанӡа Аԥсны иахьаҵанакуаз аус руан аӡҭарчқәа ҩба: Аҟәеи Тҟәарчали. Иахьа уажәраанӡа дара русура хацыркхартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кара-Осман-оӷлы: Аԥсны аӡтәы спорт хкқәа аԥҵахоит