Арадио

Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп

Абҵара 11 Адунеизегьтәи афымцеиҷаҳара амш ҳәа иԥхьӡоуп. "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит афымца аиҷаҳара шхымԥадатәиу.
Sputnik

 

Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп

"Ауаҩытәыҩса иҟазшьа убас иҟоуп, алашара ахә иџьыба иананырлак ауп уи аиҷаҳара даналаго. Аԥара ашәара адагьы, ауаҩы афымца деиҷаҳаны ихы иаирхәароуп. Ԥсҳәы ақыҭан игылан афымцатә станциа, иара ауааԥсыра иеиҷаҳаны иазныҟәомызт азы иблит, иҟарҵаанӡагьы лашарада иҟан. Уи ашьҭахь дара иҟарҵаз аҳәарала ирзықәыргылан аԥхьаӡаратә мыруга. Уи нахыс анхацәа афымца ишақәнаго рхы иадырхәо иалагеит. Абри аҿырԥштәы Аԥсны зегьы иадукылар ҟалоит. Иахьа Аԥсны аҭагылазаашьа уадаҩуп, афымцазы ацаҟьа ахықә ҳхықәгылоуп, убри аҟнытә афымца еиҷаҳатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Лазба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.