Аҳәба Аԥсны адгьылтә кадастр азы: атәыла -кадастрда, ауаҩы- тәылауаҩшәҟәыда
© Sputnik
"Акадастр аҟамзаара ҳныԥшуеит избанзар, акадастр ахьыҟам аҳәынҭқарраҿы акгьы ыҟаӡам. Адгьыл ахархәараҿы иҟоу, ажәлар иртәума аҳәынҭқарра иатәума, убырҭ зегьы иҭагалатәуп, ианҵатәуп. Ауаҩы апаспорт имамзар, аҳәаа дзахысуам, џьаргьы дызцом, убри иаҩызоуп адгьыл ахархәараҿы иҟоу, зегьы рхатә паспортқәа роуеит. Ашәҟәы ианылоит адгьыл аҭоурых зегьы, иазгәаҭоуп координатла реиқәыршәара, рҭыԥқәа ахьыҟоу, избанзар уажәы ирацәоуп адгьыл еимазкуа ауаа. Уаанӡа акоординатқәа ыҟәыргылан аҳәаақәа азгәаҭаны иҟарҵаӡомызт, ахсаалаҿы напыла иҭыхны, ибжьоу гәаҭаны иадырбон. Уажәы иҟоуп амаругақәа уи арҽеира алзыршо", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.