Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳәба Аԥсны адгьылтә кадастр азы: атәыла -кадастрда, ауаҩы- тәылауаҩшәҟәыда

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгьыл ахархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳбы Адамыр Аҳәба
Адгьыл ахархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳбы Адамыр Аҳәба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгьыл ахархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳбы Адамыр Аҳәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы адгьылтә кадастр аԥҵаразы ицо аусурақәа ртәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аҳәба Аԥсны адгьылтә кадастр иазкны

"Акадастр аҟамзаара ҳныԥшуеит избанзар, акадастр ахьыҟам аҳәынҭқарраҿы акгьы ыҟаӡам. Адгьыл ахархәараҿы иҟоу, ажәлар иртәума аҳәынҭқарра иатәума, убырҭ зегьы иҭагалатәуп, ианҵатәуп. Ауаҩы апаспорт имамзар, аҳәаа дзахысуам, џьаргьы дызцом, убри иаҩызоуп адгьыл ахархәараҿы иҟоу, зегьы рхатә паспортқәа роуеит. Ашәҟәы ианылоит адгьыл аҭоурых зегьы, иазгәаҭоуп координатла реиқәыршәара, рҭыԥқәа ахьыҟоу, избанзар уажәы ирацәоуп адгьыл еимазкуа ауаа. Уаанӡа акоординатқәа ыҟәыргылан аҳәаақәа азгәаҭаны иҟарҵаӡомызт, ахсаалаҿы напыла иҭыхны, ибжьоу гәаҭаны иадырбон. Уажәы иҟоуп амаругақәа уи арҽеира алзыршо", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0